Владимир Путин инапы зҵаиҩыз адҵа инақәыршәаны, импыҵахалоу Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара апроцедура иаҳа имариахоит
Владимир Путин инапы зҵаиҩыз адҵа инақәыршәаны, импыҵахалоу Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара апроцедура иаҳа имариахоит. Ари аинформациа аланарҵәеит урыстәылатәи амедиа.
Зыӡбахәы ҳәоу адокумент ишану ала, импыҵахалоу Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра рзы Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы аиуразы аурыс бызшәеи Урыстәыла аҭоурыхи адырра хымҧадам.
Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы аиуразы арзаҳал аларҵар рылшоит аҭыҧаҿы иҟоу Урыстәыла адипломатиатә хаҭарнакраҿы.