Виктор Орбан иҳәамҭала, Бриуссель Украина иалганы аурыс агаз атранзит аиҭашьақәыргылара иамыцхраар, Венгриа Урыстәыла иаҿагыло Евроеидгыла асанкциақәа ирықәшаҳаҭхом
Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан иҳәамҭала, Бриуссель Украина иалганы аурыс агаз атранзит аиҭашьақәыргылара иамыцхраар, Венгриа Урыстәыла иаҿагыло Евроеидгыла асанкциақәа ирықәшаҳаҭхом.
Аҳәынҭқарратә радио иеиҭаз аинтервиу аҿы Орбан ишазгәеиҭаз ала, аурыс агаз атранзит аанкылара иазкны Украина иаднакылаз аӡбара дақәшаҳаҭым.
„Украина, ахатә ҵакырадгьыл иалганы ацентртә Европаҟа аурыс агаз атранзит аанкылара иазкны иаднакылаз аӡбара ииашам, уи амшала агаз ахә цәгьахоит. Убри аҟынтә, ҳара уаҳа ҧсыхәа ҳамам, аргама иаҳҳәароуп – дара ари аӡбара рымҧсахыр, ҳара асанкциақәа аанаҳкылоит. Дара абарҭ аҭагылазаашьақәа нарымгӡар, ҳара асанкциақәа раҧыхра ҳалшоит“, – иҳәеит Орбан.
Виктор Орбан ишиҳәаз ала, дара абри аҳәара иқәдыргылеит – Еврокомиссиа Венгриа атәылауаа ринтересқәа ирҧырхагамхо, ахәқәа рацлара зхылымҵуа аҭагылазаашьақәа еиқәнаршәароуп.