Виктор Орбан Евроеидгыла алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украинеи Молдовеи ирываргыланы, Қырҭтәылагьы Босниеи Герцеговинеигьы акандидат астатус ранаршьарц
Виктор Орбан Евроеидгыла алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украинеи Молдовеи ирываргыланы, Қырҭтәылагьы Босниеи Герцеговинеигьы акандидат астатус ранаршьарц

Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан Евроеидгыла алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Украинеи Молдовеи ирываргыланы, Қырҭтәылагьы Босниеи Герцеговинеигьы акандидат астатус ранаршьарц.

Венгриа аҧыза-министр ипресс-маҵзура адыррақәа рыла, Орбан ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Евроеидгыла асаммит аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз авидеоконференциа аан.

Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, Орбан инаиваргыланы,  егьырҭ тәылақәак рлидерцәагьы Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иадгылоит. Авидеоконференциа ахантәаҩра азиуан Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель.