Виктор Долиӡе – НАТО арезолиуциа Мадридтәи асаммит адокумент ашьаҭала еиқәыршәоуп, уаҟа ишану ала,  анеҩстәи адекадазы  Қырҭтәыла иаҳа алшарақәа аиуеит
Виктор Долиӡе – НАТО арезолиуциа Мадридтәи асаммит адокумент ашьаҭала еиқәыршәоуп, уаҟа ишану ала,  анеҩстәи адекадазы  Қырҭтәыла иаҳа алшарақәа аиуеит

НАТО арезолиуциа аҵакы ду амоуп, избанзар уи еиқәыршәоуп Мадридтәи асаммит адокумент ашьаҭала, уаҟа ишану ала, анеҩстәи адекадазы Қырҭтәылеи, Украинеи, Босниа-Герцеговинеи иаҳа алшарақәа роуеит, – иҳәеит НАТО иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражҳәаҩ Виктор Долиӡе.

Виктор Долиӡе НАТО Мадридтәи асаммит анеҩстәи аамҭа ахәшьара аҭара иазку апроект дазааҭгылеит, уаҟа Қырҭтәылагьы иалацәажәоит.

„Ари арезолиуциа аҵакы ду амоуп, избанзар уи еиқәыршәоуп Мадридтәи асаммит адокумент ашьаҭала. Аконцепциатә документ ҿыц  ишану ала, анеҩстәи адекадазы Қырҭтәылеи, Украинеи, Босниа-Герцеговинеи иаҳа алшарақәа роуеит, избанзар, арҭ атәылақәа НАТО иаҳа иазааигәазароуп“, – иҳәеит Виктор Долиӡе.