Виктор Долиӡе – Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа Вашингтонтәи асаммитаҿ ишыҟазаауа шәзышьақәсырҕәҕәар сылшоит, аха, алахәызаара аформеи аҩаӡареи иазкны ҧыҭраамҭак ашьҭахь аилыркаарақәа ҟаҳҵоит
Виктор Долиӡе – Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа Вашингтонтәи асаммитаҿ ишыҟазаауа шәзышьақәсырҕәҕәар сылшоит, аха, алахәызаара аформеи аҩаӡареи иазкны ҧыҭраамҭак ашьҭахь аилыркаарақәа ҟаҳҵоит

Амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, избанзар, иара  Қырҭтәыла евроатлантикатә ҽазышәарақәа ҕәҕәала дрыдгылоит, ахыхьчаралшара аизырҳаразы  ҳтәылаҿ имҩаҧысуа ареформақәа дрықәшаҳаҭуп, – иҳәеит НАТО иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ   Виктор Долиӡе.

Долиӡе иажәақәа рыла, НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Қырҭтәыла ивизит аҵакы ду амоуп.

„Уажәтәи иуадаҩӡоу аамҭазы Қырҭтәыла ивизит аҵакы ду амоуп, ишыжәдыруа еиҧш, хара имгакәа, аҧхынраз, Вашингтонтәи НАТО асаммит мҩаҧысуеит. Ҳәарада, уаҟа аполитикатәи апрактикатәи ганахьала ҳҧеиҧш иалацәажәоит. Вашингтонтәи асаммитаҿы Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа шыҟазаауа шәзышьақәсырҕәҕәар сылшоит, аха, ари алахәызаара аформеи аҩаӡареи иазкны ҧыҭраамҭак ашьҭахь аилыркаарақәа ҟаҳҵоит“, – иҳәеит Долиӡе.