Виктор Долиӡе - Иаҳа иӷәӷәоу адгылара аиуразы, Натоҿ украинааи ҳареи акоординациа змоу аиԥыларақәа мҩаԥаагоит
Виктор Долиӡе - Иаҳа иӷәӷәоу адгылара аиуразы, Натоҿ украинааи ҳареи акоординациа змоу аиԥыларақәа мҩаԥаагоит

Ажьырныҳәамзазы аусқәа рацәаны ҳамазаауеит, иаҳа иӷәӷәоу адгылара аиуразы, натотәи ҳпартниорцәа рҟны украинааи ҳареи акоординациа змоу аиԥыларақәа мҩаԥаагоит, уажәы нышьк ҳҭатәоуп, – иҳәеит Нато иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Виктор Долиӡе.

Долиӡе иажәақәа рыла, Нато иацы имҩаԥгаз Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылараҿ иаҵшьна азгәаҭан, жәларбжьаратәи зин анормақәа реиҭахәаԥшра шыҟамло. Арҭ анормақәа рынагӡара Урыстәыла хаҭарнакцәагьы рнапы аҵарҩхьеит.

“Ажьырныҳәамзазы аусқәа рацәаны ҳамазаауеит,  аиылараеи, авизитқәеи, ҭелла аицәажәарақәеи рацәаны нагӡахоит. Бриусель иҟоу ҳмиссиа аделегациақәа рҟны аконсультациақәа рымҩаԥгара наҳагӡоит. Иҳаҩсыз амчыбжьазы, аԥсшьарамшқәа ирыхәамԥшыкуа, Нато аус ауан, зҵаара хаданы Урыстәыла гылан, зҵаара хаданы аконсультациақәа рымҩаԥгара гылан, иаҳа иӷәӷәоу адгылара аиуразы, натотәи ҳпартниорцәа рҟны украинааи ҳареи акоординациа змоу аиԥыларақәа мҩаԥаагоит, уажәы нышьк ҳҭатәоуп. Ари аҵак ду амоуп, хазхазыҳаҟамзароуп. Убри аҟынтә арҭ аиԥыларақәа нагӡахоит, Нато-Украинатәи ахеилак ашьҭахь сара Украина ацҳаражәҳәаҩ сиԥылоит, иаауа амчыбжь азы Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩцәа реиԥылара мҩаԥгахот. Аиԥылара ихы алаирхәоит ҳтәылахьчаратә мчқәа реиҳабы Гиорги Маҭиашвили. Ажьырныҳәа 26 рзы Нато-Қырҭтәыла акомиссиа еилатәара мҩаԥысроуп, аилатәара иаҭаароуп Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩ ҿыци Адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩи,” – ааицҳаит Виктор Долиӡе.