Венециатәи акомиссиа Аӡырҩрақәа ирызку азакәанпроект иазкны хырԥашьа змам агәаанагарақәа аланарҵәеит
Венециатәи акомиссиа Аӡырҩрақәа ирызку азакәанпроект иазкны хырԥашьа змам агәаанагарақәа аланарҵәеит

Венециатәи акомиссиа агәаанагарала, Қырҭтәыла Аӡырҩрақәа ирызку азакәан апроект иалԥшааны рыдыркылеит, уи иацҵаны аус адулара аҭахуп. Ари иануп Европа ахеилак аланарҵәаз аинформациа аҿы.

“Қырҭтәыла маӡалатәи аусԥшааратә уснагӡатәқәа рхархәара апроцедура зыԥсахуа азакәанпроект иалԥшааны рыдыркылеит, уи иацҵаны аҭҵаареи адеталтә ҵаҵӷәыркреи аҭахуп, – иануп Европатәи ахеилак Венециатәи акомиссиа аиуристтәи азакәанԥҵаратәи аекспертцәа хырԥашьа змам ргәаанагара аҿы. Агәаанагараҿ иҟаҵоу алкаа инақәыршәаны, Қырҭтәыла иҟоу имаӡоу ацкраԥшратә аусԥшаара иахылаԥшуа амеханизм иадекватым, маӡалатәи ацклаԥшра асистема зегьы ԥсахтәуп”, – иануп Европа ахеилак авебдаҟьа ианылаз аинформациа аҿы.

Аинформациа аҿы ишану ала, Ашьауӷа зин апроцедуратә закәанеидкылаҿ аԥсахрақәа ирызку азакәанпроект Қырҭтәыла апарламент аднакылеит 2022 шықәса нанҳәа 7 рзы. Аԥсахрақәа вето рықәылҵеит Қырҭтәыла ахада. Уаанӡа, ԥхынгәы 1 азы ахада ладминистрациа Венециатәи акомиссиа ахь аҳәара ҟанаҵеит хырԥашьа змам агәаанагарақәа ҟанаҵарц.

Иара убас аинформациаҿ ишазгәаҭоу, агәаанагара ашьақәырӷәӷәаразы Венециатәи акомиссиа адыргалоит 2022 шықәса жьҭаара 21-22 рзы имҩаԥысуа иашьҭанеиуа апленатә аилатәараҿы.