Иракли Ҕарибашвили Венециатәи акомиссиа аделегациа алахәылацәа дырԥылеит
Иракли Ҕарибашвили Венециатәи акомиссиа аделегациа алахәылацәа дырԥылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Венециатәи акомиссиа амаӡаныҟәгаҩ хада Симона Менгини-Граната дызхагыло аделегациа алахәылацәа дырԥылеит.

Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациҿ имҩаԥгаз аиԥылараҿ  Қырҭтәылеи Венециатәи акомиссиеи ирыбжьоу аусеицура адинамикатә анагӡара шамоу иазгәаҭан.

Иракли Ҕарибашвили Симона Менгини-Граната  аконструктивтә усеицуреи Қырҭтәыла азакәанԥҵара европатәи астандартқәа азааигәазара апроцесс аҿы алагалеи рзы иҭадуп ҳәа лаиҳәеит.

Иара убас, аиԥылараҿ иахцәажәеит Қырҭтәыла Евроеидгыла акандидат статус анашьаразы Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагара.

Аиҳаюыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз, Еврокомиссиа аҭоурыхтә аӡбара аднакылеит, уи Қырҭтәыла европатәи аԥеиԥш ахырхарҭала иҟаҵоу шьаҿоуп.