Венециатәи акомиссиа арекомендациа - Адеолигархизациа иазкә азакәанпроект иҟоу аформала адкылара ҟалом
Венециатәи акомиссиа арекомендациа - Адеолигархизациа иазкә азакәанпроект иҟоу аформала адкылара ҟалом

Адеолигархизациа иазкә азакәанпроект иҟоу аформала адкылара ҟалом, аолигархтә нырра аҿагыларазы аперсоналтә акәым, асистематә зныҟәара аҭахуп, – иазгәаҭоуп анапгхаратә партиа аус адызулаз  “Адеолигархизациа иазкә азакәанпроект” иадҳәаланы Венециатәи акомиссиа аланарҵәаз арекомендациа аҿы.

“Венециатәи акомиссиа иаҵшьны азгәанаҭоит атәыла аекономикатәи, аполитикатәи, ауаажәларратәи ԥсҭазаара анырра хазхаҭалатә ахаҿы инапахьа ақәшәара ашәарҭа ду атәылақәа рацәа рҟны шыҟоу. Атәылақәа реиҳара еидҳәалоу азакәанԥҵаратәи, аинститционалтәи, административтәи, аекономикатәи уҳәа уб. егь. ахархәагақәа аус рыдырулеит, ари аԥхасҭа аеффект армаҷуеит.

Асектортәи, асистематәи зныҟәашьа аҿиара ацынхәрас, аолигархизациа ишәарҭоу анырра аҿагыларазы Қырҭтәыла ари азҵаара “даҽакала азныҟәара” рыӡбеит, аус адыруеит “Адеолигархизациа иазкә” азакәанпроект. Ари “аперсоналтә зныҟәашьа” змоу азакәанпроект иҷыдлу акритериқәа (амазара, аихқәа рнапаҿы аҟазаара уҳәа уб.егь) рыла “аолигархцәас” раарԥшразы аперсонақәа ридентификациа ауп хықәкыс амоу. Азакәанпроект ирҽеи авариант аҿы́ ақәнагаа ақәыршәарақәа реиҳара аԥыхуп, аха ари иахәамԥшыкәа, азакәан ахәҭаҷқәа рхархёара азакәан аиҳаӡареи аполитикатә плиурализми рзы ашәарҭа аадырԥшыр ҟалап”, – иануп Венециатәи акомиссиа алкаа аҿы.

Венециатәи акомиссиа Қырҭтәыла анапхгара арекомендациа рнаҭоит адеолигархиазциа иазкәа азакәанпроект уажәтәи асахьала рыдрымкыларц.