Вахтанг Мегрелишвили – Адеолигархизациа иазку азакәан адкылара ҟалом, уи гаӡароуп
Вахтанг Мегрелишвили – Адеолигархизациа иазку азакәан адкылара ҟалом, уи гаӡароуп

«Адеолигархизациа иазку азакәан адкылара ҟалом, уи гаӡароуп», — иҳәеит  апартиа  «Гирчи» иалахәы Вахтанг Мегрелишвили.

Иара иажәақәа рыла, аолигархцәа ракәӡам проблемас иҟоу, хазхаҭалатәи анапхгараҭароуп  ҧырхага аазго.   Мегрелишвили ишазгәеиҭаз ала,  хазхаҭалатәи анапхгараҭара аҧыхра амзызла ауаа аполитикатә усура азин рымхра ҟалом.

«Зыӡбахәы ҳәоу азакәан адкылара Қырҭтәыла изакәызаалак хырҳагарак азаанагом.   Аолигархцәа ракәӡам ҳара проблемас иҳамоу, хазхаҭалатәи анапхгараҭароуп  ҧырхага аазго.   Хазхаҭалатәи анапхгараҭара аҧыхра амзызла ауаа аполитикатә усура азин рымхра ҟалом. Уи изакәызаалак лҵшәак ҳнаҭом, апроблема ҽаџьара ииагоит, уи ауп иҟаҳҵо. Ҳара хазхаҭалатәи анапхгараҭара апроблема хаангьы иаҳзыӡбом», — иҳәеит  Вахтанг Мегрелишвили.

Иахьа инаркны, Қырҭтәыла апарламентаҿ  «Адеолигархизациа иазку» азакәанпроект ахәаҧшра иалагоит. Анапхгаратә гәыҧ ицәырыргаз азакәанпроект иахьа иахәаҧшуан аиуристтә зҵаарақәа рзы акомитет аилатәараҿы.