Васил Маӷлаԥериӡе - Снапынҵақәа шьҭасҵом
Васил Маӷлаԥериӡе - Снапынҵақәа шьҭасҵом

“Амчыбжь иалагӡаны америкатәи сҩызцәа срацәажәеит, урҭ рҟынтә исҵаз рацәоуп, урҭ рҟынтә абжьагарақәа соуит, ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент пату ду ақәысҵоит, аха ари иахәамԥшыкәа, снапынҵақәа шьҭасҵом”,— асоциалтә каҭаҿы иҩит Актәи аканал ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Васил Маӷлаԥериӡе.

Васил Маӷлаԥериӡе иажәақәа рыла, «Мышқәак рапхьа адунеи аҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рзы 2022 шықәсазтәи ЕАШ аҳәынҭдепартамент аҳасабырцәа цәырган. Аҳасабырба инақәыршәаны, Қырҭтәылаҿ зхы иақәиҭу аихқәа иактивын, аха зны-зынла ақәҿиарақәа маҷын, иаҳҳәап “Амедиа-адукатцәа ркоалициа” Васил Маӷлаԥериӡе Ауаажәларратә дырраҭара ахылаԥшратә хеилак дахьахагылоу ргәаԥхом, ари Ауаажәларратә дырраҭара амисиа аԥхасҭа ду азаанагоит ҳәа. Маӷлаԥериӡе Ауаажәларратә дырраҭада адиректор хадас аус иуан, анапхгаратә партиа аполитхеилак далан” ҳәа”, – иҩит Маӷлаԥериӡе.

“ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент агәамҵра анаанарԥшуа иаанаго еилаҳкаауеит, снапынҵақәа шьҭасҵар акәын.

Ари ибзиаӡаны еилыскаауеит.

Сымцар, ари иахылҵгьы ибзиаӡаны издыруеит – ақәыӷәӷәара, ақәмақарра, уҳәан-сҳәан. Снапынҵақәа рышьҭаҵара имароу мҩоуп, аха унапынҵақәа шьоуҵароуп ҳәа идҵны анықәдыргыло – ари аҳаҭыр аларҟәроуп, Ауаажәларратә дырраҭара амиссиа аԥхасҭа азаанагоит.

Амчыбжь иалагӡаны америкатәи сҩызцәа – Семиуель Клеменс, Гекльберри Финн, Томас Мелвилл, Уильиам Фолкнер, Џьеромо Селинџьер, Ҳолденом Колфилд срацәажәеит, урҭ рҟынтә исҵаз рацәоуп, урҭ рҟынтә абжьагарақәа соуит, ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент пату ду ақәысҵоит, аха ари иахәамԥшыкәа, снапынҵақәа шьҭасҵом”, — иҩит Маӷлаԥериӡе.