Васил Маӷлаԥериӡе - Мзиа Амаглобели гәык-ԥсык ала дрыцҳасшьоит, ари азҵаара ауаҩрыцҳашьара шьаҭас иаҭаны иӡбахарц аҳҭахуп
«Мзиа Амаглобели гәык-ԥсык ала дрыцҳасшьоит. Ҳаргьы, ауаажәларра аҳасабала, агәаҟра ҳақәшәеит – ари аҭагылазаашьа аҟынӡа ҳнаӡеит. Ари аԥҳәыс илызкны ажәа бзиақәа рацәаны исаҳахьеит. Иҟалаз ҟалеит. Сгәы шаанаго ала, аполициа аусзуҩы мацара иҿасра акәым, аӡәгьы иҿасра шыҟамло азҵаара еимактәыс иҟамлароуп.
Аамҭакала, ауаҩы ипозициа аҟынтә, сара агуманизм ду сазыԥшуп”, – иҳәеит Ауаажәларратә дырраҭара ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Васил Маӷлаԥериӡе.
Васил Маӷлаԥериӡе иажәақәа рыла, Актәи аканал аусзуҩцәа зегьы адгылара аадырԥшуеит, убри аҟнытә ауаажәларра аинышәареи аилибакаареи рхырхарҭахь ииасроуп.
“Актәи аканал ажурналистцәа рзы ари хьаа дууп, урҭ ари азҵаара уаҩрыцҳашьара шьаҭас аҭаны иӡбахарц рҭахуп. Аха аамҭакала, аҿасра ҳаҟәыҵроуп ҳәа ҳәгәы иаанагоит. Сара аоптимизм сшьа иалоуп”, – иҳәеит Васил Маӷлаԥериӡе.