Васил Маӷлаԥериӡе - Европа адырраҭарақәа реидгыла адиректор хада игәаанагара ҳара ҳзы аҵак ду амоуп
Ауаажәларратә дырраҭара ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Васил Маӷлаԥериӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, Европа адырраҭарақәа реидгыла адиректор хада Ноель Куран Политковскаиа лымҩаҿ идыргыло Ауаажәларратә дырраҭара ахыбра ҿыц гәеиҭан, ишииҳәаз ала, ари иибахьаз ауаажәларратә дырраҭара ахыбрақәа рыбжьара зегь реиҳа игәаԥхаз хыброуп.
„Қырҭтәыла, Ассаблеиа аҽалархәразы иаҭааит 47 тәыла рҟынтә адырраҭарақәа рниусрумқәа рнапхгаҩцәа, даҳҭааит Европа адырраҭарақәа реидгыла адиректор хада Ноель Куран. УИ Қырттәыла Актәи аканал ахыбра гәеиҭан, ари иибахьаз ауаажәларратә дырраҭара ахыбрақәа рыбжьара зегь реиҳа игәаԥхаз хыброуп ҳәа иҳәеит“, – иҳәеи Ауаажәларратә дырраҭара ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Васил Маӷлаԥериӡе
Европа адырраҭарақәа реидгыл адиректор хада Ноель Куран Политковскаиа лымҩаҿ идыргыло Ауаажәларратә дырраҭара ахыбра ҿыц гәеиҭеит. Ноель Куран Қырҭтәыла даҭааит Қарҭ, абҵара 22-23 рзы Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭараҿ имҩаԥысуа Европа адырраҭарақәа реидгыла (EBU) ажәабжь ҿыцқәа 18-тәи рассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны.