Вашингтон Кыргызстан асанкциақәа азышьақәнаргылоит. Ари атәы аанацҳаит “Вашингтон пост”.
Акьыԥхь аинформациа ала, Вашингтон аҿы ргәы шаанаго ала, Урыстәыла Кыргызстан аҟынтә “асиа еиқәаҵәа” иалоу аалыҵ аиуеит. Урҭ иреиуп аелектротехника, аԥырҩы дызмам аппаратқәеи, аоптикатә ацәҟьарақәеи абомбақәеи рааглыхразы иаҭахә ахәҭақәа.
“Вашингтон пост” аинформациа ала, америкатәии европатәи адипломатцәа Ҟыргызстан аҳҭнықалақь аҿы рвизитқәа лҵшәада ихыркәшан. Убри аҟынтә Баиден иадминистрациа аекономикатә санкциақәа аус ыдулара алагеит.