Ҩ-овертаимки Қырҭтәыла аизга  аиааиреи  - 88:83 #1TVSPORT
Ҩ-овертаимки Қырҭтәыла аизга  аиааиреи  - 88:83 #1TVSPORT

Амҵәышәампыл азы Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионат аҿы ахҧатәи аматч мҩаҧнагеит. Ҳкоманда уаанӡа 2 матчк рҿы аиааира згахьаз  Ҭырқәтәыла аизга иацлабуан.  Уаанӡатәи ахәмаррақәа рҿы Қырҭтәыла аизга Бельгиеи Испаниеи рҟны иаҵахеит. Аха, уажәазы, ақырҭуаа  — 88:83 ҳәа аиааира ргеит.

Атрибунақәа рҿы ари ахәмарра иахәаҧшуан 10 000ҩык азгәыбылҩцәа.

Аматч аамҭа хада хыркәшан  66:66 ҳәа.

Актәи овертаимгьы 75:75 ҳәа еиҭахарала ихыркәшан.

Аҩбатәи овертаим аҿы Қырҭтәыла аизга аҧыжәара аиун,   88:83 ҳәа аиааира агеит.