Трампи Путини еиԥылаанӡа, Аҩны шкәакәа ЕАШ адегециа алахәылацәа рыхьӡқәа аланарҵәеит.
Америка ахада Дональд Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини реиҧылара рхы аладырхәоит аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Марко Рубио, афинансқәа рминистр Скот Бесент, ахәаахәҭратә департамент анапхгаҩы Говард Лутник, ЕАШ ахада ихаҭарнак ҷыда Стив Уиткоф, Аԥшыхәра ацентртә агентра адиректор Џьон Ретклиф.
АИХқәа рдыррақәа рыла, Трамп Алиаскаҟа ддәықәлахьеит.
Америка ахада Дональд Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини реиҧылара Анкориџь ақалақьаҿ иалагоит қарҭтәи аамҭала асааҭ 23:00 рзы