Тональд Трамп Токио даҭааит
Тональд Трамп Токио даҭааит

ЕАШ ахада Тональд Трамп Токио даҭааит. ЕАШ ахада Иапониа аимператортә хан аҟны атәыла аимператор Наруҳито диԥылоит. Трамп ишааицҳаз ала, уи Иапониа ҿыц иалхыз аԥыза-министр Санае Такаичи дылԥылоит.

Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Трамп Иапониа атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рырҵаулареи, аинвестициақәеи иазку азҵаарақәа дырзааҭгылар игәы иҭоуп.

Уаанӡа ЕАШ ахада Малаизиц алада-мрагыларатә Азиа атәылақәа рсаммит аҿы дыҟан. Трамп итурне жьҭаара 30 рзы Аладатәи Кореиаҿ Си Ӡинпин иҟны аиԥылара ала ихыркәшоит.