«Аҭыҧантәи аҩи, ашахамҩеи, ҵхыбжьонтәи аҧсҭазаареи – Қарҭ Европаҿ аҩбатәи Берлинс иҟалеит», – Қырҭтәыла атуристтә потенциал абас иахцәажәеит еицырдыруа британиатәи аҭыжьымҭа Times.
Ажурналист Крис Шалк Қырҭтәыла дыҟан Атуризм амилаҭтә администрациа заанаҵтәи атур аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара Times аҧхьаҩцәа ирзеиҭеиҳәеит Қырҭтәыла аҳҭықалақь иазкны.
«Асоветтә аамҭақәа ирыҵанакәа, шәышықәса раҧхьа иргылоу аҩнқәа рҿы еиҿкаауп ҳаамаҭазтәи абутик-отельқәеи абарқәеи, уаҟа аҩы цқьа агьама жәбар шәылшоит. Қарҭ аҩбатәи Берлин ҳәа иашьҭоуп, ақалақь идыруп ахатә ҵхыбжьонтәи аклубқәеи абарқәеи рыла. Аха, Қарҭ егьырҭ аҷыдарақәагьы амоуп. Абырфынтә мҩа иаҧну ари ақалақь еиуеиҧшым аамҭақәа рзы монголтәи аханцәеи, аџьамтә шахцәеи, аурыс напхгаҩцәеи рнапаҿы иҟан. Дара рызынтәгьы ари ақалақь акалеидоскоптә архитектуреи, аҭоурыхи, акультуреи рҿы рхатә ашьаҭа аанрыжьит», — иҩит Times ажурналист.
Иара астатиаҿы Ажәытә Қарҭи, ауахәамақәеи, аетнографиатә музеи, Аҩы амузеи, аҩытә барқәеи, асасааирҭақәеи дрыхцәажәеит.