«Терабанки», «Либерҭи Банки» , «Базисбанки» ишаарыцҳаз ала, дара жәларбжьаратәи асанкциақәа ирышьашәаланы аусура нарыгӡоит
«Терабанки», «Либерҭи Банки» , «Базисбанки» ишаарыцҳаз ала, дара жәларбжьаратәи асанкциақәа ирышьашәаланы аусура нарыгӡоит.
«Терабанк» аусура нанагӡоит жәларбжьаратәи асанкциақәа рыла ишьақәыргылоу аҳәарақәа инрықәыршәаны», — ирҳәеит «Терабанк» ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анарҭоз.
«Либерҭи Банк» аҿы ишырҳәаз ала, абанк жәларбжьаратәи асанкциақәа инрықәыршәаны аусура нанагӡоит, аамҭакала, абанк, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк арегулиациақәа ирықәнырҟәоит.
«Либерҭи Банк» ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, абанк жәларбжьаратәи асанкциақәа ирышьашәаланы аусура нангӡоит.
«Либерҭи Банк» Қырҭтәыла Амилаҭтә банки Қырҭтәыла азакәани рыла ишьақәыргылоу арегулиациақәа ирықәныҟәоит, аха, аамҭакала, «Либерҭи Банк» ашәарҭарақәа рхылаҧшра иазку ахатә аҩныҵҟатәи аполитикеи жәларбжьаратәи афинанстә партниорцәа рҟны иззеиқәшаҳаҭхаз арегулиациақәеи аҧхықәрақәеи амоуп, убри аҟынтә, ашәарҭара ду зхылҵуа аклиентцәа рымаҵ аура ҧкуп, — ирҳәеит «Либерҭи Банк» аҿы.
«Базисбанк» аҿы ишырҳәаз ала, ақырҭуа закәанҧҵареи жәларбжьаратәи апартниорцәа рыҳәарақәеи ирықәныҟәоит.
Абри аҩызаҵәҟьа аҳәамҭақәа Ҟарҵеит даҽа иакымкәа акоммерциатә банкқәагьы, урҭ рыбжьара «Қырҭтәыла абанки» TBC Bank-и.