Цәыббра 4 инаркны Қырҭтәыла иалагоит амҩақәа рҿы автотранспорт иахылҵуа, иубарҭоу амаҭәашьар цәгьақәа рхылаҧшра
Цәыббра 4 инаркны Қырҭтәыла иалагоит амҩақәа рҿы автотранспорт иахылҵуа, иубарҭоу амаҭәашьар цәгьақәа рхылаҧшра. Ари аинформациа аланарҵәеит Аекологиатә хылаҧшра адепартамент.
Ахылаҧшра мҩаҧыргоит Аекологиатә хылаҧшра адепартамент абригадақәа, Қырҭтәыла аиҳабыра ишьақәдыргылаз анормақәеи апҟарақәеи ирышьашәаланы.
Раҧхьатәи аилагаразы, ауаҩы 100 лари ахараҧса иқәырҵоит, ари ауаҩы раҧхьатәи ахараҧса ашьҭахь 15 мшы рыҩныҵҟала еиҭах анормақәа еилеигар, — 300 лари ахараҧса ашәара иқәшәоит, ахынтәраан аилагаразы — 600 лари. Аиуристтә хаҿқәа рзы раҧхьатәи аилагаразы 500 лари ахараҧса иазҧхьагәаҭоуп, аҩбатәи азы 1500 лари, анеҩстәи аилагаразы 3000 лари ахараҧса.