"Талибан" аибашьцәа  Афганистан аҩбатәи ақалақь  - Кандагар ргеит
"Талибан" аибашьцәа  Афганистан аҩбатәи ақалақь  - Кандагар ргеит

“Талибан” аибашьцәа  Афганистан аҩбатәи ақалақь  – Кандагар ргеит. Абри ақалақь астратегиатә ҵакы амоуп,  ахәаахәҭратә центруп.

Аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, аталибцәа атәыла арегионалтә аҳҭнықалақьқәа ахҧа рыхәҭаки Афганистан аҩадатәи ахәҭеи иахылаҧшуеит.

Британиа Дуи Германтәылеи адипломатиатә миссиақәа Афганистан иалҵуеит.

Америка анапхгара Афганистанҟа иацҵаны аперсонал дәықәырҵеит, рдипломатиатә миссиа ҭынч Афганистан алгаразы.

Иара убас, ишеилкаахаз ала,  Афганистан азҵаара иадҳәаланы, иахьа НАТО аилатәара ҷыда мҩаҧысуеит, уи анапхгара азиуеит амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.