Афганистан нанҳәа 20 рзы иқәҵыз 16-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа рԥсадгьыл ахь ихынҳәит
Афганистан нанҳәа 20 рзы иқәҵыз 16-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа рԥсадгьыл ахь ихынҳәит

Афганистан нанҳәа 20 рзы иқәҵыз 16-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа аԥсадгьыл ахь ихынҳәит.

Аевакуациа ашьҭахь 16-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа британиатәи арратә базаҿ иҟан.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Александре Хвҭисиашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла атәылауаа рырхынҳәра апартниорцәа рыцхыраарла алшахеит

Фҩык Қырҭтәыла атәылауаа венгриатәи аҳаирпланла нанҳәа 18 рзы ихынҳәит, иҵегьы ҩыџьа иаха аԥсадгьыл ашҟа ахынҳәра рылшеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистра аинформациа ала, уаҳа Афганистан Қырҭтәыла атәылауаа иҟаӡам.