Афганистан иҟалаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 900-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Афганистан иҟалаз адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 900-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Афганистан иҟалаз адгьылҵысраан ауаа рацәаны ҭахеит. ВВС аинформациа ала, адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 900-ҩык рҟынӡа инаӡеит.

Аԥсабаратә катастрофақәа рхылаԥшра аминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо ахаҿы идыррақәа рыла, ахәрақәа роуит 500-ҩык.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, 6 магнитуда амч змаз адгьылҵысра Хост ақалақь 44 км иацәыхараны, Пакистан аҳәаа ааигәара асааҭ 01:30 рзы ҟалеит.