Страсбургтәи аӡбарҭа «Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы» аус аҿы Урыстәыла Европатәи аконвенциа аилагара афактқәа рацәаны аанарԥшит
Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи аӡбарҭа 2008 шықәсатәи аимак ашьҭахь иалагаз “абордеризациа” иахҟьаны ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара иазку «Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы» аус азы аӡбара цәырнагеит.
Страсбургтәи аӡбарҭа аус аҿы Урыстәыла Европатәи аконвенциа аилагара афактқәа рацәаны аанарԥшит.
Аӡбарҭа ицәырнагаз адокумент аҿы ишану ала, аҭыԥ аман аконвенциа аҩбатәи ахәҭаҷ (аԥсҭазаара зин), ахԥатәи ахәҭаҷ (аргәаҟра, аҳаҭыр аларҟәра), ахәбатәи ахәҭаҷ актәи ахәҭа (ахақәиҭреи ашәарҭадареи рзин), аабатәи ахәҭаҷ (хаҭалатәи аҭаацәаратәи ԥсҭазаара ахьчара зин) реилагара, иара убас аҭыԥ аман аконвенциа актәи аԥкаанҵа актәии (амазара зин) аҩбатәии (аҵара зин), иацҵаны аԥшьбатәи аԥкаанҵа аҩбатәи ахәҭаҷи (аиҭаҵра ахақәаиҭра) реилагара.
Страсбургтәи аӡбарҭаҿ Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы даҽа х-уск алагалоуп. Иара убас аӡбарҭа алагалоуп 2008 шықәсатәи аимак ашьҭахь иалагаз “абордеризациа” иадҳәалоу 200 рҟынӡа хаҭалатәи ашыԥхыӡқәа.