Страсбургтәи аӡбарҭа 2008 ашықәсазтәи аибашьра иазку аус азы Қырҭтәыла адгыларатә аӡбамҭа аднакылеит
Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи аӡбарҭа (Страсбургтәи аӡбарҭа) аус азы “Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы” (IV) (№ 39611/18) Қырҭтәыла адгыларатә аӡбамҭа аднакылеит.
Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи аӡбарҭа 2008 ашықәсазы Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара иҟалаз аиҿагылара ашьҭахь аҳәаақәа рырџьабара иахылҵыз ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара аус азы аднаклаз Қырҭтәыла адгыларатә аӡбамҭа инақәыршәаны, Урыстәыла Қырҭтәылазы 253 миллион евро ашәара ахәҭоуп.
Аӡбарҭа аинформациа ала, Урыстәыла аԥхасҭа рзаанагеит 29000-ҩык ауааԥсыра. Аӡбарҭа Қырҭтәыла аиҳабыра Урыстәыла ахараԥса анашәо ашьҭахь аԥара ашаразы иеффекту амеханизм аԥҵара рыднаҵеит. Ари амеханизм иабзоураны аааԥсыра 18 мз ирылагӡаны акомпенсациақәа роуроуп.