Созар Субари аспортсменцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит
Созар Субари аспортсменцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит

«Аполицаицәа имцхәны амч рхы иадырхәазшәа анышәҳәо, уи иадҳәаланы агәынамӡара анаашәырҧшуа, жәакала акәзаргьы, аполицаицәа ирықәло, Молотов икоктеильқәа рәгыдызҵо, апарламент амца ацразҵуагьы  рхымҩаҧгашьа шәақәыӡба», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла Созар Субари.

Ажурналистцәа данрацәажәоз Субари ишиҳәаз ала, аспортсменцәеи руацәеи раҳаҭыр аларҟәра ҟалом.

«Мышәқак раҧхьа ҳспортсменцәа Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш иадҳәаланы  аҳәамҭақәа ҟарҵеит.  Урҭ реиҳара даараӡа бзиа избоит, пату рықәысҵоит. Иахьа Миша Месхьи авидеоааҧхьара ҟаҵаны, арҭ аспортсменцәа аҭак риҭеит, ипозициа иаша азыҳәана ҭабуп ҳәа иасҳәоит. Ииҳәаз сақәшаҳаҭуп. Аполицаицәа имцхәны амч рхы иадырхәазшәа анышәҳәо, уи иадҳәаланы агәынамӡара анаашәырҧшуа, жәакала акәзаргьы, аполицаицәа ирықәло, Молотов икоктеильқәа рәгыдызҵо, апарламент амца ацразҵуагьы  рхымҩаҧгашьа шәақәыӡба», — иҳәеит  Созар Субари.