Созхар Субари апартиа “Жәлар рымч” хантәаҩыс далхын

13:49, 18.03.2024

Иахьа имҩаԥгаз ашьаҭаркратә аизара ду аҿы ишьақәырӷәӷәан аполитикатә партиа “Жәлар рымч” аилазаашьеи аусԥҟеи.

Аизара аалыртит апартиа алахәыла Ека Сеԥашвили, лара апартиа хантәаҩыс иқәлыргылеит Созар Субари икандидатура.

Апартиа ахантәаҩы Созар Субари еизаз апартиа алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгылеит, уи ашьҭахь апартиа акомитет алахәылацәас иалхын Дмитри Хундаӡе, Михеил Ҟавелашвили, Гурам Маҷарашвили, Ека Сеԥашвили, Давид Каҷарава, Виктор Џьаԥариӡе, Заал Миқелаӡе Иракли (Дачи) Бераиа.

Еиԥшу