Сынтәа ашкол иҭало ахәыҷқәа ррегистрациа иалагеит
Сынтәа ашкол иҭало ахәыҷқәа ррегистрациа иалагеит

Қырҭтәыла Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра ҳәаақәнаҵеит  2023-2024 аҵаратә ашықәс азы ашкол иҭало ахәыҷқәа ррегистрациа аҿҳәарақәеи аҭагылазаашьақәеи.

Ашкол иҭало ахәыҷы ирегистрациазы ицәыргатәуп абарҭ адокументқәа: ахәыҷы изакәантә хаҭарнак иҟынтә арзаҳал, уи аҿы иарбазароуп аҭыӡҭыҧи, азакәантә хаҭарнак иҭел аномери, азакәантә хаҭарнак ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент ахкьыҧхьааи. Арзаҳал атәым бызшәала иҩызар, уи иацзароуп Қырҭтәыла азакәан ала ишьақәыргылоу аҧҟарала иҟаҵоу аиҭага.  Иара убас, ицәыргатәуп аҵаҩы иира аршаҳаҭга ма ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент ахқьыҧхьаа.

Ари аинформациа алнарҵәеит Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра.