Сынтәа аҳәынҭқарратә школқәа актәи акласс иҭало ахәыҷқәа ррегистрациа иалагоит хәажәкыра 6 рзы, актәи акласс иҭалар рылшоит ҧхынҷкәын 1-нӡа фышықәса зхыҵуа ахәыҷқәа  
Сынтәа аҳәынҭқарратә школқәа актәи акласс иҭало ахәыҷқәа ррегистрациа иалагоит хәажәкыра 6 рзы, актәи акласс иҭалар рылшоит ҧхынҷкәын 1-нӡа фышықәса зхыҵуа ахәыҷқәа  

 

Қырҭтәыла Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра 2024-2025 аҵаратә ашықәс азы актәи акласс иҭало ахәыҷқәа ррегистрациа аҭагылазаашьақәа шьақәнаргылеит.

Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Гьаргь Амилахвари иӡбарала,  ашколтә ақәра иадҳәаланы,   «Азеиҧш аҵара иазку» азакәан аҧсахрақәа алагалоуп. Лымкаала,   2024-2025 аҵаратә ашықәс азы актәи акласс иҭалар рылшоит ҧхынҷкәын 1-нӡа фышықәса зхыҵуа ахәыҷқәа.

Актәи аетап азы арегистрациа мҩаҧысуеит хәажәкыра  6 инаркны  20-нӡа, аҵаратә гәырҵҟәыл ҷыда змоу ахәыҷқәа рзы.

Зегьирзеиҧшу арегистрациа мҩаҧгахоит лаҵара  20 инаркны рашәара 13-нӡа. Арегистрациа мҩаҧгахоит Аҵара ахылаҧшра аинформациатә система аофициалтә саит  Registration.emis.ge. аҿы.