Sky News - Дональд Трамп игәыԥ 2014 шықәсазы иҟаз аҳәаақәа ракәым, 2022 шықәсазы иҟаз Украина аҳәаақәа рырхынҳәра иақәшаҳаҭым
ЕАШ ахада Дональд Трамп игәыԥ 2014 шықәсазы иҟаз аҳәаақәа ракәым, 2022 шықәсазы иҟаз Украина аҳәаақәа рырхынҳәра иақәшаҳаҭым, – аанацҳаит Sky News .
Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, ЕАШ аофициалтә хаҭарнакцәа иҟарҵаз аҳәамҭала, атәыла аҳәаақәа рырхынҳәра иазку украинаа рыҳәарақәа “раҳарц ирҭахым”.
Саудтәи Аравиа, Џидда ақалақь аҿы Украинеи ЕАШ-и рхаҭарнакцәа еиԥылоит. Америкатәи аган аҟынтә аиҿцәажәарақәа рхы аладырхәоит аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Марко Рубиои ашәарҭадаратә зҵаарақәа рзы абжьагаҩ Маик Уолци. Украинатәи аделегациа иалоуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр Андреи Сибигеи, ахада иофис ахада Андреи Ермаки, Атәылахьчара аминистр Рустем Умерови. Саудтәи Аравиаҿ дыҟоуп Украина ахада Володимир Зеленскигьы, аха уи аиҿцәажәарақәа дрылахәым. Зеленски Саудтәи Аравиа апринц Салман диԥылоит.