Сириа анапхгара рҳәамҭала, Израиль Алеппотә аҳаирбаӷәаза иажәылеит
Сириа анапхгара рҳәамҭала, Израиль Алеппотә аҳаирбаӷәаза иажәылеит

Сириа анапхгара рҳәамҭала, Израиль Алеппо аҳаирбаҳәаза иаахеит. Ари аинформациа аланарҵәеит «Би-би-си». АИХ адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь рыла Алеппо аҳаирбаҕәаза ҩынтә иажәылахьеит.

Сириа Атәылахьчара аминистрра аинформациа инақәыршәаны,  аҳаирбаҕәаза аҧхасҭа аиун аусура иаҟәыҵит.

Израиль анапхгара Сириа аиҳабыра иҟарҵаз аҳәамҭа акгьы ахырымҳәааит.

Израиль  уаанӡагьы Дамаски Алеппои аҳаирбаҕәазақәа иржәылахьеит.

«Би-би-си» ишану ала, арҭ аҳаирбаҕәазақәа атәылауаҩратә авиациа мацара акәым изызку, уаҟа игылоуп арратә базақәагы. Аларҵәара зауз аинформациала, абарҭ абазақәа рыла агәыҧ   «Ҳезболла» ирантәи бџьарла еиқәдыршәоит.