Швециатәи принцесса Церовантәи аиланхарҭаҿ дыҟоуп
Швециатәи принцесса Церовантәи аиланхарҭаҿ дыҟоуп

Швециатәи аҳра апринцесса Викториа Қырҭтәылаҿ лвизит аҵыхәтәаны, мчыла ихгоу ауааԥсыра рзы Церовани иҟоу аиланхарҭаҿ даҭаан, уа инго аҳәса-ааглыхцәа дырԥылеит.

Аиԥылараҿ ирыхәаԥшит иҳәынҭқарратәм аиҿкаара аусзура, мчыла ихгоу ауааԥсыра есымшатәи рыԥсҭазаараҿ ирымоу ауадаҩрақәа.