Шарль Мишель -  Уажәааны Қырҭтәыла иҟанаҵаз ашьаҿақәа ҳрықәшаҳаҭуп, ҳара иҳалшо ала арҭ аҽазышәарақәа ҳрыдгылоит, аха, Қырҭтәылагьы иахьыҧшу рацәоуп
Шарль Мишель -  Уажәааны Қырҭтәыла иҟанаҵаз ашьаҿақәа ҳрықәшаҳаҭуп, ҳара иҳалшо ала арҭ аҽазышәарақәа ҳрыдгылоит, аха, Қырҭтәылагьы иахьыҧшу рацәоуп

«Уажәааны Қырҭтәыла иҟанаҵаз ашьаҿақәа ҳрықәшаҳаҭуп, ҳара иҳалшо ала арҭ аҽазышәарақәа ҳрыдгылоит, Еврокомиссиа аҳасабырба зеиҧшрахо аабап», —  иҳәеит Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель аилатәара иалагаанӡа ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, Еврокомиссиа аҳасабырба цәырнагоит ҭагалан, анеҩс, ари аҳасабырба ашьаҭала, Европатәи ахеилак ашықәс анҵәамҭаз аӡбара аднакылоит.

«Уажәааны Қырҭтәыла иҟанаҵаз ашьаҿақәа ҳрықәшаҳаҭуп, ҳара иҳалшо ала арҭ аҽазышәарақәа ҳрыдгылоит, аха, Қырҭтәылагьы иахьыҧшу рацәоуп. Аҧхынра ашьҭахь Еврокомиссиа аҳасабырба зеиҧшрахо аабап. Қырҭтәыла ала абжьагарақәа зегьы рынагӡароуп ари апроцесс зхьыҧшу, убри ашьаҭала, ашықәс анҵәамҭаз Европатәи ахеилак аӡбара аднакылоит», — иҳәеит  Шарль Мишель.