Шарль Мишель – Босниеи Қырҭтәылеи   ареформақәа анымҩаҧыргалак, акандидат астатус ранашьара ҳазыхиоуп
Шарль Мишель – Босниеи Қырҭтәылеи   ареформақәа анымҩаҧыргалак, акандидат астатус ранашьара ҳазыхиоуп

«Босниеи Қырҭтәылеи   ареформақәа анымҩаҧыргалак, акандидат астатус ранашьара ҳазыхиоуп», — иҳәеит Европатәи ахеилак ахада  Шарль Мишель G7 асаммит иалагаанӡа имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

Иара Украинеи Молдовеи акандидат астатус ранашьара азҵаарагьы дазааҭгылеит.

«Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала Евроеидгылагьы аҽаҧсахуеит. Мышқәак раҧхьа имҩаҧгаз асаммит аҿы ҳара Украинеи Молдовеи астатус рыҭаразы аӡбара ҳадаҳкылеит. Иара убас,   Босниеи Қырҭтәылеи   ареформақәа анымҩаҧыргалак, акандидат астатус ранашьара ҳазыхиоуп», — иҳәеит  Мишель.