Шәамахьтәыла ахада Ваҳанг Хачатуриан Қырҭтәылаҿ иофициалтә визит иалагеит.
Қырҭтәылa Адәныҟaтәи aусқәa рминистрра аинформациала, Қырҭтәылa Адәныҟaтәи aусқәa рминистр Мака Боҷоришвили, Қырҭтәыла Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы Кетеван Квинихиӡеи, Шамахьтәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Шарвашиӡеи Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ Шәамахьтәыла ахада Ваҳанг Хачатуриан иҧылеит.
“Мака Боҷоришвили Ваҳагн Хачатуриан Қырҭтәылаҟа авизит азы ҭабуп ҳәа иалҳәеит. Қырҭәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Шәамахьтәыла ахада Ваҳанг Хачатуриан дидикылоит. Аҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧгахоит Қырҭтәыла апрезиденттә аханаҿ. Шәамахьтәыла ахада Ваҳанг Хачатуриан ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рхадацәа Михаил Ҟавелашвилии Ваҳагн Хачатуриании апрессконференциа мҩаҧыргоит”, – иануп аинформацмиа аҿы.