Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Иенс Столтенберг диҧылоит
Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Иенс Столтенберг диҧылоит

Абҵара 23 рзы, Бриуссель, Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Арарат Мирзоиан НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг диҧылоит. Ари аинформациа аланарҵәеит НАТО апресс-маҵзура.

Аиҧылараҿы излацәажәо азҵаарақәа аинформациаҿы иарбам.

2022 шықәса абҵара 22 рзы  Иенс Столтенберг  Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан диҧылеит. Усҟан ари аиҧылара рхы аладырхәит  Арарат Мирзоиани Шәамахьтәыла Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Армен Григориани.