Шьалуа Папуашвилии адепутатцәеи Қырҭтәыла иҟоу Украина атәылауаа ирԥылеит
Шьалуа Папуашвилии адепутатцәеи Қырҭтәыла иҟоу Украина атәылауаа ирԥылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии апарламент адепутатцәеи Қырҭтәыла иҟоу Украина атәылауаа ирԥылеит.

Украина иҟоу аибашьра иахҟьаны аԥыхыз ареисқәа рымзызла Қырҭтәыла аныхабаақәеи аберҭыԥқәеи рбаразы иаҭааз украинатәи аиашахаҵаҩцәа рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра рылшом. Аиҳабыра рыӡбара ала, урҭ асасааирҭақәа рахь инагоуп.

Шьалуа Папуашвилии, Леван Иоселиании, Мака Боҷоришвилии Гиви Миқанӡеи агәыԥ алахәылацәа Украина иҟоу аҭагылазаашьа иазкны ирацәажәеит. Апарламент ахантәаҩы Қырҭтәыла Украина атерриториатә акзаареи асуверенитети шрыдгыло даҽазнык шьақәирӷәӷәеит. Адепутатцәа асасцәа Қырҭтәыла апарламент ахьӡала аҳамҭақәа рырҭеит.