Аиҳабыра рықәҵара ала, Украина атәылауаа авизада аҭаареи ҩышықәса рыҩнуҵҟа атәылаҿ аҟазаареи зин рымоуп
Аиҳабыра рықәҵара ала, Украина атәылауаа авизада аҭаареи ҩышықәса рыҩнуҵҟа атәылаҿ аҟазаареи зин рымоуп

2023 шықәса жәабран 24 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра N81 ақәҵара ҭнажьит, уи ала аԥсахра иалалеит 2015 шықәса рашәара 5 рзы анапы зҵаҩыз №255 ақәҵара.

Аԥсахра ала, Украина атәылауаа авизада аҭаареи ҩышықәса рыҩнуҵҟа атәылаҿ аҟазаареи зин рымоуп.

Азакәанԥҵаратә “Мацне” акьыԥхь зауз ақәҵара амч иаразнак аиуит.