Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Узбекистан Адәныҟатәи аусқәа рмнистр Бахтиор Саидов диԥылеит.
Аганқәа Қырҭтәылеи Узбекистани кыршықәса ирбжьоу аусеицура ахәшьара ҳарак арҭан, авизит адинамика бзиа шамоу иазгәарҭеит. Аиԥылара Узбекистан Адәныҟатәи аусқәа рмнистр актәи иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны мҩаԥган.
Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи асуверенитети рыдгыларазы, узбекистантәи аган иҭабуп ҳәа раиҳәеит.
Аганқәа иазгәарҭеит апарламентқәа рроль ду ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәа рырҿиара апроцесс аҿы. Иар убас, аиԥылараҿ иазааҭгылеит абжьаратә коридор апотенциал зеиԥшҟамлац ала ибзианы аарԥшразы, Қырҭтәылеи Узбекистани атранспорт ахырхарҭала ирыбжьоу аусеицура аҵакы.
Аиԥылараҿ иахәаԥшит Қырҭтәыла Узбекистантәи Ареспублика ацҳаражәҳәара аартра аҵакы.