Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит
Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит

Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ Фаиг Гулиев диԥылеит.

Апарламент апрессмаҵӡура аинформациа ала, аганқәа ҩтәылак рыбжьара иҟоу шықәсырацәалатәи ганрацәалатәи аусеицура иахцәажәеит. Аиԥылараҿ иазааҭгылеит астратегиатә партниорра арҭбаара азҵаара. Иара убас аиԥылараҿ иахәаԥшит арегион аҿы иҟоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи, иазгәарҭеит аҭынчреи, атәышәынтәалареи мышхәбзазареи рзы аусеицура аҵак ҷыда шамоу.

Азербаиџьан ахада апарламент ахантәаҩы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит амедиациа апроцесс аҿы Қырҭтәыла алагала ду азы.