Шьалуа  Папуашвили – Қырҭтәыла асанкциақәа шьақәнаргылазҭгьы, ҳара Урыстәыла изакәызаалак ак ала ҳзаҧырхагомызт, аха, Қырҭтәыла ҧырхага ду азааҳгон
Шьалуа  Папуашвили – Қырҭтәыла асанкциақәа шьақәнаргылазҭгьы, ҳара Урыстәыла изакәызаалак ак ала ҳзаҧырхагомызт, аха, Қырҭтәыла ҧырхага ду азааҳгон

«Қырҭтәыла асанкциақәа шьақәнаргылазҭгьы,  иахьа аекономикатә азҳара ду ацынхәрас, ҳекономика  10 наӡынала икаҳауан,  анаплакқәа рыркра ҳақәшәон, ҳуааҧсыра аҕарра иҭагылон, аха,  «Ақырҭуа гәахәтәы» абзоурала, ҳтәыла абри зегьы иацәцеит», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы  Шьалуа  Папуашвили.

Шьалуа Папуашвилии шазгәеиҭаз ала, аибашьра иалагеижьҭеи шықәсык ҵит,  ари аамҭа иалагӡаны зегьы ирбеит Қырҭтәыла ари азҵаараҿы намысла ахы шымҩаҧнаго, ишьақәыргылоу асанкциақәа ишрықәныҟәо.

«Иахьа лабҿаба иубарҭаоуп асанкқәа рышьақәыргылара ҳабжьазгоз ауаа атәыла иазаарцар ирҭахыз. Иахьа ибзиаӡаны иаадыруеит – Қырҭтәыла асанкциақәа шьақәнаргылазҭгьы,  иахьа аекономикатә азҳара ду ацынхәрас, ҳекономика  10 наӡынала икаҳауан,  анаплакқәа рыркра ҳақәшәон, ҳуааҧсыра аҕарра иҭагылон, аха,  «Ақырҭуа гәахәтәы» абзоурала, ҳтәыла абри зегьы иацәцеит. Қырҭтәыла асанкциақәа шьақәнаргылазҭгьы, ҳара Урыстәыла изакәызаалак ак ала ҳзаҧырхагомызт, аха, Қырҭтәыла ҧырхага ду азааҳгон.    Аибашьра иалагеижьҭеи шықәсык ҵит,  ари аамҭа иалагӡаны зегьы ирбеит Қырҭтәыла ари азҵаараҿы намысла ахы шымҩаҧнаго, ишьақәыргылоу асанкциақәа ишрықәныҟәо», — иҳәеит Шьалуа  Папуашвили.