Шьалуа Папуашвили  - Қырҭтәыла апарламент ахьӡала атәыла абзиабареи, ахамеигӡареи апрофессионализми рзы аполициа аусуҩ цыԥхьаӡа иҭабуп ҳәа расҳәоит
Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла апарламент ахьӡала атәыла абзиабареи, ахамеигӡареи апрофессионализми рзы аполициа аусуҩ цыԥхьаӡа иҭабуп ҳәа расҳәоит

Қырҭтәыла апарламент ахьӡала атәыла абзиабареи, ахамеигӡареи апрофессионализми рзы аполициа аусуҩ цыԥхьаӡа иҭабуп ҳәа расҳәоит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Аполициа амш инамаданы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Папуашвили аполициа аусуҩцәа рҭаацәарақәа адгыларазы иҭабуп ҳәа раиҳәеит.

„Азакәанхьчаратә система арӷәӷәаразы ҳусеицура иаҳа иӷәӷәахароуп, адемократиатә напхгараҭареи ауаҩытәыҩса изинқәа рпринципқәеи ирышьашәаланы, ҳзакәанхьчаҩцәа ишахәҭоу еиԥш еибыҭазароуп, ишахәҭоу еиԥш иазыҟаҵатәуп, пату рықәҵатәуп.

Иахьа аполициа аусуҩцәа рҭаацәарақәа адгыларазы иҭабуп ҷыда расҳәар сҭахуп”, – иҳәеи Папуашвили.