Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла акыдцалара зин, Европа уахь иналааны, аӡәгьы имам, ақырҭуаа иргәаԥхом ҭәамшьарыла ианрыхәаԥшуа
Қырҭтәыла акыдцалара зин, Европа уахь иналааны, аӡәгьы имам, ақырҭуаа иргәаԥхом ҭәамшьарыла ианрыхәаԥшуа, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Шьалуа Папуашвили иажәақәа рыла, Евроеидгыла ацҳаражәҳәарҭеи егьырҭ атәылақәа рыцҳаражәҳәарҭақәеи, аиҿкаарақәеи, аполитикцәеи ақырҭуаа ҭәамшьарыла рыхәаԥшра иаҟәыҵроуп.
Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла атәылауаа рԥара иоуеит аполитикатә ҿаҵала ауаҩшьрахь ааԥхьара ҟазҵо, Қырҭтәыла аҭоурых аҿы иналукааша аполитик – Леван Гачечилаӡе иԥсра ацинизмла дзыхцәажәо ахаҿы.