Шьалуа   Папуашвили  онлан-аформат аҿы Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы  Руслан  Стефанчук диҧылеит
Шьалуа   Папуашвили  онлан-аформат аҿы Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы  Руслан  Стефанчук диҧылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили  онлан-аформат аҿы Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы  Руслан  Стефанчук диҧылеит.

Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура адыррақәа рыла, аиҿцәажәараан аганқәа рхаҭарнакцәа Украина иаҿагыло урыстәылатәи агрессиеи уи иахылҵыз алҵшәақәеи ирылацәажәеит.

Руслан Стефанчук  ақырҭуа аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит ацхыраареи Қырҭтәыла иҟоу украинаа реиҷаҳареи азыҳәан.

«Шьалуа Папуашвили даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Украинеи аукраин жәлари ишрыдгыло. Аиҧылара алахәылацәа ишеиқәшаҳаҭхаз ала, ҳаҧхьаҟа изакәызаалак аилыбамкаарак ҟамларцаз, еиҧҟьараа аинформациа еиҭнырыҧсахлоит. Аганқәа рхаҭарнакцәа хара имгакәа Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Украинаҟа ивизит азы еиқәшаҳаҭхеит», – иануп аинформациаҿы.