Шьалуа Папуашвили  – Ҳара еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҿы егьа апрогресс ҳаургьы, ахаангьы иаҳхамшҭроуп зылшарақәа маҷу ауааҧсыра зегьирзеиҟароу алшарақәа рзеиқәыршәара  – есымшатәи ҳусура аҳасабтәқәа ишреиу
Шьалуа Папуашвили  – Ҳара еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҿы егьа апрогресс ҳаургьы, ахаангьы иаҳхамшҭроуп зылшарақәа маҷу ауааҧсыра зегьирзеиҟароу алшарақәа рзеиқәыршәара  – есымшатәи ҳусура аҳасабтәқәа ишреиу

Ҧхынҷкәын 3  —  Зылшарақәа маҷу ауааҧсыра жәларбжьаратәи рымшуп,  2017 шықәсазы ҳаиҳабыра,  Қырҭтәыла Аконституциа аинақәыршәаны,  зылшарақәа мачу ауааҧсыра рзинқәа ҳәаақәырҵеит,   зылшарақәа маҷу ауааҧсыра ирызкны  2020 шықәсазы иҳадаҳкылаз азакәан абзоурала,  дара алшара ҿыцқәа рызцәырҵит, – иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.

«Иахьа, Евроеидгыла Қырҭтәыла акандидат астатус анаҭаанӡа мышқәак анаанха,  абарҭ апроцессқәа рҿы зылшарақәа маҷу ауааҧсыра инарыгӡо ароль хшыҩзышьҭра ҷыда азутәуп.  Ари аганахьала чыдала иалкаатәуп  адунеи еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы аглобалтә ҭынчра зыхьчоз ҳарратә  маҵзуҩцәа,  дара иахьагьы,  апараспортсменцәа раҳасабала,  жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны ҳтәыла ахьӡ шьҭырхуеит.

2024 шықәсатәи аҳәынҭқарратә биуџьетаҿ зҵакы дуу аиҭакрақәа ҟалоит  – асоциалтә аиҭашьақәыргылареи ахәыҷқәа рхылаҧшреи апрограмма абиуџьет азҳауеит  10 миллион лари ала, зынӡа ари аусхкы иазоушьҭзаауеит  76 миллион лари. Асоциалтә пакет рхы иадырхәар рылшоит зылшарақәа амҷу ауааҧсыра зегьы.

Аха,  еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҿы егьа апрогресс ҳаургьы, ахаангьы иаҳхамшҭроуп зылшарақәа маҷу ауааҧсыра зегьирзеиҟароу алшарақәа рзеиқәыршәара  – есымшатәи ҳусура аҳасабтәқәа ишреиу», —иҩит  Папуашвили.