Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла ахьӡала ақырҭуа жәлар рганахьала Евроеидгыла имҩаԥнагоз ажәыларақәа рзы аҭамзаара ашьҭаҵара ацынхәрас, иахьа Каиа Каллас ақырҭуа аӡбаҩцәа рцәа ԥылҽуеит, ахьырхәрала дрықәмақаруеит
Евроеидгыла ахьӡала ақырҭуа жәлар рганахьала Евроеидгыла имҩаԥнагоз ажәыларақәа рзы аҭамзаара ашьҭаҵара ацынхәрас, иахьа Каиа Каллас ақырҭуа аӡбаҩцәа рцәа ԥылҽуеит, ахьырхәрала дрықәмақаруеит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, ари Евроеидгыла ахәынаӡарақәа ирышьашәалам.
“Ақырҭуа гәахәтәы” политхеилак арҭ амшқәа рзы иаарту ашәҟәы аланаҵәеит. Иахьа иҳаҳаз ажәабжьқәа, Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак иҟалҵз аҳәамҭақәа ҳашәҟәы аҟны иаарԥшыз афактқәа шьақәдырӷәӷәоит. Ақырҭуа ҳәынҭқарреи ақырҭуа жәлари рганахьала агрессиатә риторика, ацәахыхра, адезинформациатә жәыларақәа, асоветтә стильла иҟаҵоу ақәмақаррақәа ҳарзыӡырҩит, урҭ рыбжьара Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас лҟынтәгьы. Лара иахьа ҩыџьа ақырҭуа аӡбаҩцәа асанкциақәа рыла дрықәмақарит. Ари Бриуссель алнахыз ииашам мҩоуп”, – иҩит Папуашвили.
Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара иалагаанӡа адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рызҵаарақәа рзы Евроеидгла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла арегресс ду амоуп, Қырҭтәыла аиҳабыра рыгәҭакы аҿагыларазы иҵегь иҟаҳҵар ҳалшо ҳахцәажәоит, авариантқәа зегьы амш аусәаԥштә иалоуп, урҭ иреиуп авизадатә режим аамала аанкылара.
Хықәкылатәи асанкциақәа ирызкны ажурналист Каллас илзықәиргылаз азҵаара иаҭакны, адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рызҵаарақәа рзы Евроеидгла иреиҳаӡоу ахаҭарнак илҳәеит: “Ҳара асиа рыдаагалеит, избан акәзар иқәыԥшу амитинг алахәылацәа рганахьала аҭыԥ амоуп еизшарам ахьырхәра, убри аҟынтә иубарҭоуп аӡбарҭа асистемагьы аоперациа шалоу. Асанкциақәар пакет иалоуп ҩыџьа аӡбаҩцәа рыхьӡқәа. Иахьа ҳара авизадатә режим иазкны Қырҭтәылашҟа ашәҟәы ҳашьҭуеит, дара зыҳәарақәак нарыгӡароуп, ари аныҟарымҵа, авизадатә режим аанкылара иазкы аӡбамҭа ҳадаҳкылоит”.