Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла ацҳаражәҳәара аҟынтә афинансркра змоу аиҿкаарақәа аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа рымҩаԥгара иаԥырхагахарц рҭахуп, раҿаԥырҽра ҳалшоит
Евроеидгыла ацҳаражәҳәара аҟынтә афинансркра змоу аиҿкаарақәа аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа рымҩаԥгара иаԥырхагахарц рҭахуп, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, Ацентртә алхратә комиссиа иажәыло иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа Евроеидгыла ацҳаражәҳәара аҟынтә афинансркра роуеит.
“Ҵыԥх ацҳаражәҳәаҩцәеи аполитикцәеи рганахьала аҽаанкылара ааҳарԥшит, аха ари иахылҵыз зегьы ибзиаӡаны ирбеит. Урҭ ҳалхрақәа иахьа имҽыхны аҽалагалар иалагеит. Иаахҵәаны иҳҳәароуп: Евроеидгыла ацҳаражәҳәара аҟынтә афинансркра змоу аиҿкаарақәа аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа рымҩаԥгара иаԥырхагахарц рҭахуп, ари азы аҭакԥхықәра адонорцәа рықәҵахоит.
Ҳара хықәкыс иҳамоуп Евроеидгыла жәларбжьаратә зин аилагара алшара амҭара. Ари ҳажәлар рпозициоуп – биуссельтәи абиурократиа зеилаҳара иаҿу Евроеидгыла арепутациа ахьчара”, – иҩит Папуашвили.