Шьалуа Папуашвили - Апарадокс аҿаԥхьа ҳгылоуп - иахьа амчылара Евроеидгыла абираҟ ақәыршәоуп
Шьалуа Папуашвили - Апарадокс аҿаԥхьа ҳгылоуп - иахьа амчылара Евроеидгыла абираҟ ақәыршәоуп

Адонорцәа рхарџьқәа рныхра алҵшәақәа ирызку аҭакԥхықәра ацәцара иахҟьаны, ари азҵаара аӡбара мҩа заҵәык ҳзаанхеит – азакәанԥҵара амҩа. 2023 шықәса ааԥын инаркны Апарламент азакәанԥҵратә процесс хацнаркит, уи хықәкыс аман ақырҭуа политика ашәшьыратә финансркра аарԥшра,- иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили есышықәсатәи аҳасабырбала данықәгылоз.

Папуашвили иажәақә рыла, “Аартызаара иазку азакәни” уи иадҳәалаз ахҭысқәеи “алакмустә қьаад” рроль нарыгӡеит.

“2023 шықәсазы ареволиуциатә ҵысра аестафета атәымтә политикцәеи адонорцәеи роуит. Ацхаражәҳәаҩцәа руаӡәы “Аартызаара иазку азакәан” урыстәылатәи азакәан ауп ҳәа иҳәеит. Урҭ “Молотов икоктельла” ауаҩы ибылра иҽазикыз ауаҩы афырхаҵоуп ҳәа  дрыԥхьаӡеит. Ахаҳәқәа рыршәара ҭынчроуп ҳәа рҳәон, ахаҳәқәа рыршәра иаҿыз ауаҩы иаанкылара – аибашьроуп ҳәа. Атәым кураторцәа ҳтәылеи ҳлахьынҵеи рнапахь аагара рҭахын, аха ҳара ари алшара раҳаиҭеит. Ареволиуциа рзымаҩырымгеит”,  – иҳәеит Папуашвили.

Шьалуа Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, 2024 шықәстәи алхратә кампаниа атәым ақәыӷәӷәара аҵаҟа мҩаԥысуан. Аха ари иахәамԥшыкәа, ақырҭуа алхыҩҵәа абжьы “Ақырҭуа гәахәтәы” арҭеит.

“Ҳара ихадоу ақәԥараҿ аиааира ҳгеит. Иахьа ҳара иҳалагаз ҳус наҳагҳоит, ҳтәыла аинтересқәа ҳрыхьчоит. Атәыла акзаара, ҳтәылауаҩ цыԥхьаӡа имшхәбзазара – ҳара ҳзы ихадоу зҵаарақәоуп”, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы.