Шьалуа Папуашвили – Аконсультациақәа рымҩаҧгара ҟалоит азҵаара заҵәык азы, Украина анапхгара Зураб Адеишвилии Гиа Лорҭқиҧаниӡеи Қырҭтәыла ианарҭо аилкааразы
«Аконсультациақәа рымҩаҧгара ҟалоит азҵаара заҵәык азы, Украина анапхгара Зураб Адеишвилии Гиа Лорҭқиҧаниӡеи Қырҭтәыла анарҭо аилкааразы», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Шьалуа Папуашвили ишиҳәаз ала, Зураб Адеишвили абахҭақәа рҿы аргәаҟра асистема аҧиҵеит, Гиа Лордқиҧаниӡе алхрақәа раан Саакашвили маӡала Қырҭтәылаҟа иаара еиҿикааит.
«Аконсультациақәа рымҩаҧгара ҟалоит азҵаара заҵәык азы, Украина анапхгара Зураб Адеишвилии Гиа Лорҭқиҧаниӡеи Қырҭтәыла анарҭо аилкааразы. Зураб Адеишвили уажәазы Украина апрокуратура хадаҿы жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы адепартамент дахагылоуп. Иара 5 уск рзы азыӡба иқәуп. Арҭ аусқәа Адеишвили ихаан еидыргозҭгьы, иара 20 шықәса аҭакра иқәшәон, Коба Давиҭашвили ипҟаразгьы. Зураб Адеишвили абахҭақәа рҿы аргәаҟра асистема аҧиҵеит, уажәы ари ауаҩ Украина апрокуратураҿы амаҵзураҭыҧ ду ааникылоит, жәларбжьаратәи акторцәа иҧылоит. Уажәааны Украина иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит. Аконсультациақәа мҩаҧгатәуп азҵаара заҵәык азы, ақырҭуа жәлар ирҿагылаз аргәаҟра асистема аҧызҵаз ауаҩы данҳарҭо аилкааразы.
Гиа Лордқиҧаниӡе алхрақәа раан Саакашвили маӡала Қырҭтәылаҟа иаареи ҳтәылаҿы аилаҩынтәреи еиҿикааит. Уажәазы иара Украина аконтрҧшыхәра деиҳабуп. Саакашвили Украина иаҭара акәымкәа, арҭ ауаа Қырҭтәылаҟа рырхынҳәра ауп ҳазлацәажәаша. Хаҭала сара, урҭ рҩыџьагьы Қырҭтәыла иарҭап ҳәа сгәыҕуеит.
Адеишвили Қырҭтәыла абахҭа дҭакызароума? Иара ақырҭуа абахҭа акәымкәа, акабинет ҧхаҿы дахьтәоу ишҧажәбо, уи бзиоу, ицәгьоу? Ҳара арҭ ауаа ҳарҭаанӡа ҳазыҧшуижьҭеи акрызҵуеит», — иҳәеит Папуашвили.