Шьалуа Папуашвили - Иахьа Қырҭтәыла анапхгараҭараҿ иҟоу амчра ари амҩаҿ аԥхьагыларазы алагала ду ҟанаҵеит
“Европа ауадарақәа рҿаԥхьа ангылоу аамҭазы, афедерализми амилаҭтә суверенитети ирызку адебатқәа раан иазыԥхьагәаҭатәуп алахәыла-тәылақәа равтономиеи ртрадициақәа пату рықәҵара”, – иҳәеит Қырҭтәылапа апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Будапешт Евроеидгыла атәыла-алахәылацәеи апартниорцәеи рконференциаҿ.
Папуашвили иажәақәа рыла, Евроеидгыла структурақәак ажәлар алырхыз апарламентқәа адирективақәа рформат аҿы еизыҟазаашьақәа ртенденциақәа иубарҭоуп.
Шьалуа Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла Евроеидгыла ашҟа аинтегарциа амҩа нанагӡоит.
“Евроеидгыла ацентртә структурақәа рырӷәӷәара атәылақәа иуникалу рполитикатә, рекономикатә, ркультуратә хатәҷыдарақәа аазырԥшуа аӡбарақәа рыдкылара ирԥырхагахар ҟалап. Қырҭтәыла Евроеидгыла ашҟа аинтегарциа амҩа нанагӡоит. Иахьа Қырҭтәыла анапхгараҭараҿ иҟоу амчра ари амҩаҿ аԥхьагыларазы алагала ду ҟанаҵеит. Европа ауадарақәа рҿаԥхьа ангылоу аамҭазы, афедерализми амилаҭтә суверенитети ирызку адебатқәа раан иазыԥхьагәаҭатәуп алахәыла-тәылақәа равтономиеи ртрадициақәа пату рықәҵара. Евроеидгыла ацентртә огранқәа иҳарҭо адҵақәа рызкны рхала лассы-лассы изеиқәшаҳаҭхом. Ҿырԥштәыс аасгар сылшоит аӡбаҩцәа рнамысра агәаҭара асистема “веттинг исистема” аларҵәара. Ари асистема аларҵәара аиур – уи адемократиа ашьаҭатә принци аилагара ауп иаанаго, ари атәыла асуверенитет аиагара ауп иаанаго. Евроеидгыла иалоу атәылақәа рсуверенитет абри еиԥш аҽалагалара алшара аӡәы иарҭараны иҟам ҳәа сгәы иаанагоит”, – иҳәеит Папуашвили.